Гәынба дазааҭгылеит Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аҿы имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ртәы

Аватар автора
Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр иқәнаргылараны иҟоуп ашәҟәыҩҩы, адраматург, Аԥсны Жәлар рартист Рушьни Џьаԥуа иҩымҭа иалху аспектакль «Аџьынџь». Абри атәы арадио Sputnik аефираҿ дазааҭгылеит атеатр аиҳабы Адамыр Гәынба. Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала сынтәа Ақыҭа иашақәсны ирылаҳәоуп, ҳаргьы иҳалшо ала абри аус ҳахаҵгылеит ҳәа иҳәеит иара. Иазгәеиҭеит 2012 шықәсазы ари аспектакль Тҟәарчалтәи атеатр ишықәнаргылахьаз, аха актиорцәа разымхара иахьҟьаны ишаанкылаз. Иҳәеит, уажәы ари аспектакль ирҿыцны ахәаԥшцәа ишрыдыргало. Подписывайтесь на нас в соцсетях, там всегда интересно:

0/0


0/0

0/0

0/0

0/0