Апассаџьыртә мҩангарақәа ршәарҭадара аиҿкааразы агәаҭаратә усмҩаԥгатә мҩаԥыргеит Гагра араион аҿы.

Гагра араион аҿы апассаџьыртә мҩангарақәа русхк аҟны изакәанымкәа анаплакратә усура аԥырҟәҟәаара иазырхоу зымҽхак ҭбаау ареид мҩаԥган. Аусмҩаԥгатә хықәкыс иаман ашәахтә усбарҭақәа рҿы иахәҭоу ашәҟәҭагалара ҟамҵакәа, иарбоу аусуразы азин ҷыда ада акоммерциатә пассаџьыртә мҩангарақәа мҩаԥызго амашьынарныҟәцаҩцәа раарԥшра. Агәаҭаратә уснагӡатәқәа раан иаарԥшын азакәанԥҵара еилазгаз 21-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа.

0/0


0/0

0/0

0/0

0/0