Сангәлиаԥҳаи Анқәабԥҳаи еиҭарҳәеит аҵарауаа ҿарацәа ирымоу ауадаҩрақәа ртәы

Аватар автора
Sputnik Абхазия
Аҳәынҭқарра аԥсҭазаара шьаҟа ӷәӷәаны иазыҟалаша аҭҵаарадырра ҿиарас иамоузеи ҳтәылаҿы, уи знапы алаку аҿарацәа ирзаԥҵо алшарақәа зеиԥшрои уҳәа иалацәажәеит арадио Sputnik аҟны Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусузуҩ еиҳабы Елисо Сангәлиаԥҳаи Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Альбина Анқәабԥҳаи. "Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵаразы" Ақәҵара анапаҵыҩын ԥхынҷкәынмза 12 1993 шықәсазы, аха атәылаҿы иҟаз аекономикатәи аполитикатәи аҭагылазаашьа хьанҭақәа ирыхҟьаны шықәсқәак рышьҭахь, жьҭаара 30 1997 шықәсазы ауп анагӡара аналыршахаз. Уи инаркны жьҭаарамза 30 аҽны иазгәарҭоит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа рымш.

0/0


0/0

0/0

0/0